Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбара  Михаил Саакашвили иахь ааҧхьара ҟанаҵеит амлашьра даҟәыҵырц
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбара  Михаил Саакашвили иахь ааҧхьара ҟанаҵеит амлашьра даҟәыҵырц

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбара  Михаил Саакашвили иахь ааҧхьара ҟанаҵеит амлашьра даҟәыҵырц,  — ари атәы иануп Страсбургтәи аӡбарҭа Қырҭтәыла Аиустициа аминистррашҟа идәықәнаҵаз ашәҟәы аҟны.

Ашәҟәы ишану ала, Страсбургтәи аӡбарҭа  ақәҵара инақәыршәаны, Қырҭтәыла аиҳабыра аӡбарҭа аинформациа азцәырыргароуп Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иазкны, иара убас,  абахҭаҿы ишәарҭадара еиқәдыршәароуп, насгьы, амлашьра ашьҭахь иахәҭоу ахәышәтәра изеиқәдыршәароуп.

Михаил Саакашвили Страсбургтәи аӡбарҭашҟа ашшыҧхьыӡ алеиҵеит  2021 шықәса абҵара  10 рзы.  «Саакашвили  Қырҭтәыла даҿагыланы» ашшыҧхьыӡ рыдыркылеит Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аконвенциа  34тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны.