Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Қырҭтәыла ЕАР Жәларбжьаратәи аҧшаара-аиқәырхаратә консультациатә гәыҧ аккредитациа аиун, жәларбжьаратәи аиқәырхаратә аҳа алахәылас иҟалеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Қырҭтәыла ЕАР Жәларбжьаратәи аҧшаара-аиқәырхаратә консультациатә гәыҧ аккредитациа аиун, жәларбжьаратәи аиқәырхаратә аҳа алахәылас иҟалеит

Қырҭтәыла ЕАР Жәларбжьаратәи аҧшаара-аиқәырхаратә консультациатә гәыҧ аккредитациа аиун, жәларбжьаратәи аиқәырхаратә аҳа алахәылас иҟалеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.

Аинформациа ишану ала,  аккредитациа аиура абзоурала,  атәыла жәларбжьаратәи аиқәырхаратәи агуманитартәи миссиақәа рылахәызаареи,  апартниортә ҳәынҭқаррақәа рҟны аусеицура арҭбаареи  алшоит.

«Ари аӡбара рыдыркылеит Қырҭтәыла имҩаҧгаз зымҽхак дууз хымштәи асимулиациатә  аиқәырхаратә азыҟаҵарақәа рылҵшәақәа рышьаҭала.

Азыҟаҵарақәа хықәкыс ирыман Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧашра амаҵзура ақалақьтә аҧшаара-аиқәырхаратә гәыҧ алшарақәа ахәшьара рыҭареи   INSARAG жәларбжьаратәи астандартқәа рашьашәалазаара ашьақәырҕәҕәареи.

Азыҟаҵарақәа ирҭааит Франциеи,  Испаниеи,  Германтәылеи,  Ҭырқәтәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтә 15ҩык аекспертцәа,  дара ақырҭуа аиқәырхаратә гәыҧ рзанааҭдырреи,  ртехникатә алшарақәеи,  аоперативтә хылаҧшра ахаҭабзиареи иҳаракӡоу ахәшьара анаршьеит», — иануп адырраҿы.