Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Баҭымтәи абаӷәаза аҵакыраҿ имҩаԥысуа акциаҿ жәҩык аанкылоуп
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Баҭымтәи абаӷәаза аҵакыраҿ имҩаԥысуа акциаҿ жәҩык аанкылоуп
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Баҭымтәи абаӷәаза аҵакыраҿ имҩаԥысуа акциаҿ жәҩык аанкылоуп.
Аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, азакәанхьчаҩцәа ирырҭоз агәҽанҵара иахәамԥшыкәа, акциа алахәылацәа рыҳәара иаҿагылеит, убр аҟынтә жәҩык иаанкылоуп административтә зинеилагарақәа ркодекс 166-тәии 173-тәи ахәҭаҷқәа рыла.
Аҿагыларатә акциа ала иаԥылеит баҭымаа урыстәылатәи атуристцәа аманы Баҭымҟа ааиз акруизтә аӷба.