Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Аексперт-криминалисттә департамент аусзуҩцәа ашаҳаҭгақәа раҳасабала иаарҧшыз 450 кьыла анаркотикатә хархәагақәа иқәырхит, „аџьармыкьа еиқәаҿы“ арҭ анаркотикқәа быжь-миллионк лари еиҳаны иаҧсоуп

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аексперт-криминалисттә департамент аусзуҩцәа, ашаҳаҭгақәа раҳасабала еиуеиҧшым аамҭазы иаарҧшыз 450 кьыла анаркотикатә хархәагақәа иқәырхит, „аџьармыкьа еиқәаҿы“ арҭ анаркотикқәа быжь-миллионк лари еиҳаны иаҧсоуп.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Амч змоу азакәан инақәыршәаны, аҧсабарахьчара ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәаланы имҩаҧгаз анаркотикқәа рықәхра апроцесс иалахәын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Апрокуратура хадеи, Агәабзиарахьчара аминистрреи рхаҭарнакцәа.

„ Аексперт-криминалисттә департамент аусзуҩцәа, ашаҳаҭгақәа раҳасабала иаадырҧшуа анаркотикқәа иқәырхуеит хымз рахь знык. Уаанӡа, аӡбара ақәҵара аднакылаанӡа, закәандарала аикәшараҿы иҟаз анаркотикқәа жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәаланы еибыҭоу ақәыҧшылараҿы ишьҭоуп. Аӡбара ақәҵара анаднакылалак, анаркотикқәа иашьашәалоу аҭыҧашҟа инаганы, аҧсабарахьчара жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу аинсинератор иҭаҵаны ирбылуеит“, – иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.