Ацентр «Емпатиа» Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иазку аҳасабырба цәырнагеит
Ацентр «Емпатиа» Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иазку аҳасабырба цәырнагеит

 Ацентр «Емпатиа» Қырҭтәыла ахҧатәи ахада Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иазку аҳасабырба цәырнагеит.

Адокумент ишану ала, Саакашвили иаамҭаны изыҟаҵатәуп ишҳамырку аелементқәа рзы адиагностика. Мамзар, аиҿкаара ахаҭарнакцәа ргәаанагарала, уи аинтоксикациеи, акомеи, аҧсреи ахылҵыр ауеит.

«Михаил Саакашвили, зыҧшра ҟамҵакәа ихы дақәиҭтәны, Америка ма Евроеидгыла апрофильрацәатә университеттә клиникашҟа диагатәуп.

Иара убас,  Қырҭтәыла апенитенциартә усбарҭаҿ ишахәҭамыз ала изныҟәареи иара ихигаз астресси амшала, анерв-психикатә ҭагылазаашьа еицәахеит.

Иарбанызаалак астресс-фактор, аҭакрагьы,  амшала игәабзиаара аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахоит.

Абри аҩыза апсихикатәи аневрологиатәи ҭагылазаашьаҿы Михаил Саакашвили абахҭаҿ иааныжьра ҟалом, уи аҭакра жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалам», — иануп ацентр  «Емпатиа» аҳасабырбаҿы.