Апрокуратура аинформациала, Дональд Трамп изныкымкәа афинанстә документациа аҧаршеира ихарарҵоит
Апрокуратура аинформациала, Дональд Трамп изныкымкәа афинанстә документациа аҧаршеира ихарарҵоит

Апрокуратура аинформациала, Америка ҧасатәи ахада Дональд  Трамп изныкымкәа афинанстә документациа аҧаршеира ихарарҵоит.

Лымкаала, апрокуратура адыррала, 2016 шықәсазы, Дональд Трамп, алхыҩцәа аинформациа иаша рымбарцаз,  изныкымкәа, хықәкыла афинанстә документқәа  ирҧаршеит.

Апрокуратура аҳәамҭа ишану ала, Ниу-Иорктәи апрокуратура, ацәгьаура аҵәахра амзызла адокументациа арҧаршеира иаҿагылоит.

Манхеттен аокругтә прокурор иҳәамҭала, Трамп 34 еиуеиҧшым апунктқәа рыла ахара идуп, арҭ апунктқәа ацәгьаура аҵәахразы  Трамп иҟаиҵаз 34 аҳәамҭақәа ирыдҳәалоуп.

Елвин Брегг ишиҳәаз ала, 2016 шықәсазы, алхрақәа рҟнынӡа, Трамп идукат Маикл Коен апорноаеҵәа Сторми Дениелс  аҧара лзишәеит Трампи лареи ирыбжьаз асексуалтә аимадарақәа  ирызкны аргама аҳәамҭа ҟалымҵарцаз.

Апрокурор иҳәамҭала, ҧыҭраамҭак ашьҭахь Трамп ари аҧара  — 130 нызқь адоллар Коен изирхынҳәит. Трамп ихаҭа ишиҳәаз ала, адукат аҧара изишәеит аиуристтә маҵзуразы, аха, апрокурор игәаанагарала, уи мцуп.