Аҧыза-министр Франциа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит 
Аҧыза-министр Франциа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Франциа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Оливие Курто диҧылеит.  

Аҧыза-министр ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла идипломатиатә миссиа алагара  идныҳәаланы, ишиҳәаз ала, иара иоуранагӡара Қырҭтәылеи Франциеи реизыҟазаашьақәа рырҿиареи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаареи иацхраап ҳәа дгәыҕуеит. 

Иара убас, аиҧылараҿы, ҩ-ганктәии аганрацәалатәи форматқәа рҿы апартниорра иалацәажәеит.