Анхарҭатә ҩны хәҭак ахьеилаҳаз Авокзалтә ашҭаҿы аиҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа мҩаҧысуеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Қарҭ, Авокзалтә ашҭаҿы анхарҭатә ҩны хәҭак аилаҳара иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аминистрра адыррақәа рыла, аҭыҧаҿы аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа мҩаҧысуеит.
«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Қарҭ, Авокзалтә ашҭаҿы анхарҭатә ҩны хәҭак ишеилаҳаз азы адырра анроуҵәҟьа, зыҧшра ҟамҵакәа, аҭыҧашҟа идәықәҵан абылрацәыхьчаҩцәеи аполициатә мчқәеи. Еилаҳаз ахыбра иаҧну аҵакырадгьыл аҟынтә ауаа ревакуациа мҩаҧган.
Ари аҵакырадгьыл арыцқьара иаҿуп, аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа мҩаҧысуеит. Аҭыҧаҿ аус руеит амедицинатә цхыраара лас абригадақәа.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра атәылауааи аҭыҧаҿ аус зуа ажурналистцәеи рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра абжьагарақәеи ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәеи ирықәныҟәарц», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.