Амиран Гамҟрелиӡе  - Аштамм ҿыц ирласны алаҵәара иаҿуп, иахьа иаарҧшыз афактқәа рҟынтәи 10 наӡынак  "Омикрон" ауп
Амиран Гамҟрелиӡе  - Аштамм ҿыц ирласны алаҵәара иаҿуп, иахьа иаарҧшыз афактқәа рҟынтәи 10 наӡынак  "Омикрон" ауп

Аштамм ҿыц ирласны алаҵәара иаҿуп, иахьа иаарҧшыз афактқәа рҟынтәи 10 наӡынак  “Омикрон” ауп», — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе.

Иара иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи аҧышәа  ишаҳнарбаз ала,  «Омиркон»  аларҵәара аласра дууп.

«Анеҩстәи ҩымчыбжь рыла афактқәа иаҳа ирацәахара ҟалап. Адунеи зехьынџьара есымша 2 миллион еиҳаны афактқәа аадырҧшуеит. Апандемиа ҟалеижьҭеи, ҩышықәса рыҩнуҵҟала, абри аҟара афактқәа иҟамызт. 24 сааҭ рыла  800 000–900 000 еиҳамакәа аадырҧшуан. Иахьазы есымша 2 миллионк  еиҳауп… Атәылақәа рацәа рҿы агоспитальтә сектор  имцхәны иҭәуп, аха, аҧсҭбара арбага дуум», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.

Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, абустеризациа  «Омикрон» аларҵәара ааннакылар ауеит.

«Омикрон аларҵәара аанкылара иадҳәаланы абжьагара хада  — абустеризациа ауп. Ҩынтә алаҵа ҟазҵахьоу ауааҧсыра абустер-доза ҟарҵар бзиоуп. Алаҵа ҟазымҵац хымҧада авакцинациа иахысроуп. Асабрада аныҟәгареи асоциалтә дистанциа ахьчареи  аҵакы ду амоуп, уигьы Омикрон аларҵәара ааннакылоит», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.