АИХ - Владимир Путин ишааицҳаз, Украинаҟны "зыҩаӡара ҳараку" аилацәажәарақәа рымҩаԥгара дазыхиоуп
АИХ - Владимир Путин ишааицҳаз, Украинаҟны "зыҩаӡара ҳараку" аилацәажәарақәа рымҩаԥгара дазыхиоуп

Владимир Путин ишааицҳаз, Украинаҟны “зыҩаӡара ҳараку” аилацәажәарақәа рымҩаԥгара дазыхиоуп, – ари атәы аарыцҳаит аих китаитәи ателехәаԥшра аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Ари адырра аладырҵәеит Владимир Путини Китаи ахада Си Ӡинпини ҭелла реицәажәара ашьҭахь.

Си Ӡинпин аурыс иколлега ишиаиҳәаз, Украина иҟоу имак аилацәажәарақәа рымҩала аҭыԥқәҵара дадгылоит. Аҭыԥантәи аих ишаарыцҳаз, Владимир Путин Украинаҟны “зыҩаӡара ҳараку” аилацәажәарақәа рымҩаԥгара дазыхиоуп.