Адукатцәа Михаил Саакашвили иқәырҵаз азыӡба анагӡара ахырҧара аҳәарала аӡбарҭа иадҵаалт
Адукатцәа Михаил Саакашвили иқәырҵаз азыӡба анагӡара ахырҧара аҳәарала аӡбарҭа иадҵаалт

Адукатцәа Михаил Саакашвили иқәырҵаз азыӡба анагӡара ахырҧара аҳәарала аӡбарҭа иадҵаалт. Ари атәы ааицҳаит ҧасатәи ахада идуакат Шьалуа Хаҷапуриӡе.

Иара иажәақәа рыла, аӡбарҭахь аҳәара ҟаҵан ацентр  «Емпатиеи» жәларбжьаратәи амедицинатә експерттә комиссиеи Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иазкны ицәырыргаз  аҳасабырба ашьаҭала.

«Аҳәара хада — ахақәиҭтәра ауп, избанзар, иара имоу ачымазаарақәа агәабзиарахьчара аминистр иҟаиҵаз адҵаҿы иарбоу ачымазарақәа иреиуп, аҳәынҭқарра Саакашвили ихақәиҭтәра аиқәыршәара иауалуп. Аха, альтернатива ҳасабала, ҳара азыӡба анагӡара ахырҧарагьы ҳақәшаҳаҭуп.

Абри аҳасабырба ашьаҭала аӡбарҭа мапкратә ақәҵара изаднакылом, уи аҧсра иқәҵара ауп иаанаго. Адиагнозқәа сызрылацәажәом, избанзар Саакашвили ихаҭа урҭ раргаматәра иҭахым», — иҳәеит  Хаҷапуриӡе.