Абдулла Исмаилов амлашьра даҟәыҵит
Абдулла Исмаилов амлашьра даҟәыҵит

«Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнак Гаьргь  Ботковели иҳәамҭала, агәабзиара аҭагылазаашьа аицәахара амшала  Абдулла Исмаилов амлашьра даҟәыҵит.

«Ҳҩыза, Абдулла Исмаилов амлашьра даҟәыҵит, избанзар,  игәабзира еицәахеит. Егьырҭ ҳҩызцәа амлашьра нарыгӡоит. Ҳара апротест аформақәа зегьы ҳхы иаҳархәоит», — иҳәеит  Гьаргь  Ботковели, иара иажәақәа рыла, Михаил Саакашвили аҽыхәышәтәразы аҳәаанырцәҟа ииагара аҳәарала, Амилаҭтә ҵысра егьырҭ адепутатцәақәакгьы амлашьра иалагар ҟалап.