«Амилаҭтә ҵысра» Звиад Куправа ибаандаҩтәра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
«Амилаҭтә ҵысра» Звиад Куправа ибаандаҩтәра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

«Амилаҭтә ҵысра» Звиад Куправа ибаандаҩтәра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Ачарҳәаҩцәеи ацәгьауцәеи урыстәылатәи абанда аполитикатә ашьаҭала арепрессиақәа нанагӡоит.

Иахьа Қарҭтәи сакребуло аҿы афракциа «Иаку амилаҭтә ҵысра» алахәыла Звиад Куправа дааныркылеит.

Иванишвишли анапхгара ззиуа аиҳабыра ацәаҳәа ҟаҧшьқәа зегьы ирхысит. Дара ажәа ахақәиҭреи, агәаанагара аарҧшра азини иазхарҵом, ҳтәылауаа рполитикатә ҳәамҭақәа рымшала абахҭа иҭаркуеит.

Жьҭаара 4 ааигәахоит, Иванишвили ибанда ишәаны иҟоуп, убри аҟынтә, иаанхаз амшқәа рзы еиҿыркаауа апровокациақәа рықәныҟәара ҟалом.

Жьҭаара 4 рзы ақырҭуа жәлар Русҭавели имҩадуаҿ еизаны, ҭынч, закәанла, аконституциатә мҩала, урыстәылатәи аиҳабыра аҭак рырҭоит!

Абри зегьы аҵыхәа ҧаҳҵәоит, аполитбаандаҩцәа рхы иақәиҭхоит, ҳара иаку, зхы иақәиҭу, ихьыҧшым, европатәи Қырҭтәыла аргылара ҳазыхынҳәуеит!» — иануп аҳәамҭаҿы.