Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа Звиад Куправа дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа Звиад Куправа дааныркылеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа апартиа «Амилаҭтә ҵысра» аҟынтә Қарҭтәи Сакребуло алахәыла  Звиад Куправа дааныркылеит.

Куправа ибаандаҩтәра иара  алхрақәа раҧыхразы аргама иҟаиҵаз авидеоааҧхьара иадҳәалоуп.

«Иаанкылараан Куправа ҳхаҭарнакцәа дырҿагылеит. Иара, Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла  317-и 353-и ахәҭаҷқәа рыла иазҧхьагәаҭоу ацәгьаура ҟаиҵеит – аҳәынҭқарра анапхгара рыхҳәаразы ааҧхьареи анапхгара ахаҭарнак иҿагылареи», — ирҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы.

Авидеоааҧхьараҿы  Звиад Куправа иҳәеит: «Жьҭаара 4 рзы, шьыжьымҭан, ҳара ақалақьаҿ аиҭаҵра ҳалагоит, «аоперациа ҷыда»  500 пунктқәа руакы хымҧада иаҳгоит, анеҩс, адомино апринципла, Иванишвили дамҳхуеит».