Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Атеррористтә аиҿкаара  «Исламтәи аҳәынҭқарра» алаларазы Баҭым атәымуаҩки Қырҭтәыла атәылауаҩки аанкылоуп  
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Атеррористтә аиҿкаара  «Исламтәи аҳәынҭқарра» алаларазы Баҭым атәымуаҩки Қырҭтәыла атәылауаҩки аанкылоуп  

Баҭым атәымуаҩки Қырҭтәыла атәылауаҩки аанкылоуп.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Лаша Маҕраӡе иахьатәи абрифинг аҿы ишиҳәаз ала, аусеилыргараан  еилкаахеит  арҭ ауаа атеррористтә аиҿкаара  «Исламтәи аҳәынҭқарра» ишалал,  ари аиҿкаара ишазгәыку азы ҭоуба рун, авидеонҵамҭа аиҿкаара анапхгаҩцәа ирзырышьҭит.

Аусеилыргара адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра даҽа тәылакахь ииасны, «Исламтәи аҳәынҭқарра» аибашьцәа ирыцлар акәын.

«Ҳара арҭ ауаа ирызкны заанаҵы иаадыруан. Қырҭтәылаҟа ишааиз азы аинформациа ҳаман. Дара хаз-хазы иааит, қьырала ауадақәа ргеит.

Ишеилкаахаз ала, арҭ ауаа атеррористтә аиҿкаара  «Исламтәи аҳәынҭқарра» иалалеит,  ари аиҿкаара ишазгәыку азы ҭоуба рун, авидеонҵамҭа аиҿкаара анапхгаҩцәа ирзырышьҭит. Дара  “Исламтәи аҳәынҭқарра” алидерцәа рыдҵақәа зегьы рынагӡара иазыхиоуп», — иҳәеит Лаша Маҕраӡе.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациа инақәыршәаны, аусеилыргара мҩаҧысуеит Ашьауҕатә закәанеидкыла  328-тәи ахәҭаҷла, даҽа ҳәынҭқаррак атеррористтә аиҿкаара алахәызаареи атеррористтә ауранагӡара ацхраареи азы. Ари ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп  10 шықәса инаркны  17 шықәсанӡа аҭакра.