Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  - Атәым тәыла атеррористтә аиҿкаара алахәызаареи атеррористтә усура ацхраареи ахарадҵарала, Панкистәи аҩхаа иқәынхо хҩык атәылауаа аанкылоуп 
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  - Атәым тәыла атеррористтә аиҿкаара алахәызаареи атеррористтә усура ацхраареи ахарадҵарала, Панкистәи аҩхаа иқәынхо хҩык атәылауаа аанкылоуп 

Атерроризм аҿагыларатә центри Аоперациа ҷвыдақәа рзы адепартаменти русзуҩцәа, иаха, Панкистәи аҩхааҿы,   атәым тәыла атеррористтә аиҿкаара алахәызаареи атеррористтә усура ацхраареи ахарадҵарала, Панкистәи аҩхаа иқәынхо хҩык атәылауаа ааныркылеит, – ирҳәеит Аҳәынҭқарратә әшарҭадара амаҵзураҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Аусеилыргараан ишеилкаахаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ауаа атеррористтә аиҿкаара  „Исламтәи аҳәынҭқарра“ иалаланы, атеррористтә усура амҩаҧгара амзызла, аҳәаанырцәынтә адҵақәа роуан. Дара Панккистәи аҩхааҿы атеррористтә аиҿкаара иадгыло  „Џьамааҭ“ аиҿкаареи егьырҭ ауааҧсырагьы атеррористтә усура алахәызаара рыдцалареи  рҽазыркит, уи азыҳәан, еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы маӡала аиҧыларақәа мҩаҧганы, ауаа рыгәҭа атеррористтә идеологиа аладырҵәон.

Ари ацәгьауразы  10 шықәса инаркны  17 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп. Ари ацәгьаура иалахәы егьырҭ ахаҿқәа раарҧшра амзызла аусеилыргара инагӡоит, – ирҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы.