Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  - Қырҭтәыла тәылауаҩк,  атәым ҳәынҭқарра амаҵзураҷыда адҵала аҧшыхәреи, аинформациа аизгареи аҭареи азы даанкылоуп, ари ацәгьауразы даҽа ҩыџьа гәҩарас ирымоуп 
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  - Қырҭтәыла тәылауаҩк,  атәым ҳәынҭқарра амаҵзураҷыда адҵала аҧшыхәреи, аинформациа аизгареи аҭареи азы даанкылоуп, ари ацәгьауразы даҽа ҩыџьа гәҩарас ирымоуп 

Қырҭтәыла Ашәарҭадара амаҵзура Аконтрҧшыхәара адепартамент аусзуҩцәа имҩаҧыргаз аусмҩаҧгатәқәа ирылҵшәаны,  атәым ҳәынҭқарра амаҵзураҷыда адҵала аҧшыхәреи, аинформациа аизгареи аҭареи азы даанкылоуп Қырҭтәыла тәылауаҩк.

Ари атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.

«Қырҭтәыла атәылауаҩ, атәым ҳәынҭқарра амаҵзураҷыда адҵала, аҧара агара ацынхәрас, атәыла аинтересқәа азарал ду рзааганы, аинформациа еизигон атәым маҵзураҷыда аҭаразы.

Аусеилыргара адыррақәа инрықәыршәаны, иаанкылоу ауаҩы Қырҭтәыла аинформациа аизгара идырҵеит абарҭ ахырхарҭақәа рыла:

– Қырҭтәыла азинхьчаратә структурақәа ирызкны: Аҳәынҭқарратә шәарадара амаҵзуреи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи  — арҭ аусбарҭақәа иахьыҟоу аҭыҧқәеи, рымчқәеи, рресурсқәеи ирызкны, иара убас, афото-видео ҭыхымҭақәагьы иҟаиҵар акәын;

– Қырҭтәыла иҟоу астратегиатә обиектқәа ирызкны  —ацҳақәеи, автомагистральқәеи, аихамҩеи, егьырҭ аобиектқәеи ирызкны.

Абри аҩызаҵәҟьа ацәгьауразы  даҽа ҩыџьа аарҧшуп.

Иаанкылоу ауаҩы иус рыӡбоит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 314-тәы ахәҭаҷла, ашпионаж азы. Ари ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп  8 шықәса инаркны  12 шықәсанӡа аҭакра», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.