Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа адокумент ҧаршеиқәа рыла иеиҭамҵуа амал рацәа аахәара зҽазызкыз атәымуаҩ дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа адокумент ҧаршеиқәа рыла иеиҭамҵуа амал рацәа аахәара зҽазызкыз атәымуаҩ дааныркылеит – иахьатәи абрифинг аҿы ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Лаша Маҕраӡе.
Иара иҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 6 шықәса инаркны 9 шықәсаӡа аҭакра.
„Ахара зду ауаҩы, даҽа ҳәынҭқаррак атәылауаҩ ипаспорт ҧаршеи ихы иархәаны, иеиҭамҵуа амал рацәа аахәара иҽазикит. Лымкаала, даҽа ҳәынҭқаррак атәылауаҩ ихьӡала , анотариустә процедурала, даҽа хаҿык Қырҭтәыла ашәҟәы иҭагалоу иеиҭамҵуа амал ахархәаа азин иеиҭар иҭахын.
Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 6 шықәса инаркны 9 шықәсаӡа аҭакра“, – иҳәеит Лаша Маҕраӡе.