2020 шықәсазы имҩаҧгаз аусура иазкны Ауаажәларратә дырраҭара ицәырнагаз аҳасабырба иахәаҧшит аусхкытә економикеи аекономикатә политикеи азы акомитет аҿы
2020 шықәсазы имҩаҧгаз аусура иазкны Ауаажәларратә дырраҭара ицәырнагаз аҳасабырба иахәаҧшит аусхкытә економикеи аекономикатә политикеи азы акомитет аҿы

2020 шықәсазы имҩаҧгаз аусура иазкны Ауаажәларратә дырраҭара ицәырнагаз аҳасабырба иахәаҧшит аусхкытә економикеи аекономикатә политикеи азы акомитет аҿы. Адепутатцәа аҳасабырба рызцәырылгеит  Ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы Ирина Ҧуткараӡе. Лара ишылҳәаз ала, адокумент аҿы иарбоуп адыррақәа зегьы ирызку аинформациа.

Хшыҩзышьҭра  ҷыда рыман апроект «Ателешкол»-и,  алхрақәеи, алхрақәа раарҧшра иадәҳаланы  ВВС ахаҭарнакцәа  имҩаҧыргаз атренингқәеи.   Иара убас, абиуџьет ариашара зыхҟьаз амзызқәеи, атехникатә аибыҭареи ахыбра ҿыц аргылареи аҵаки  иалацәажәеит. Анеҩс, Ауаажәларратә дырраҭара аҳасабырба иахәаҧшуеит апленартә аилатәараҿы.