Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Ауаажәларратә дырраҭара иаҿагыланы Имеда Дарсалиа иҟаиҵаз азыҳәара ақәшаҳаҭымхеит
Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Ауаажәларратә дырраҭара иаҿагыланы Имеда Дарсалиа иҟаиҵаз азыҳәара ақәшаҳаҭымхеит

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Ауаажәларратә дырраҭара иаҿагыланы Имеда Дарсалиа иҟаиҵаз азыҳәара ақәшаҳаҭымхеит.

Имеда Дарсалиа Ауаажәларратә дырраҭара ацензура аҟазаареи аредакциатә ахьыԥшымра аҽалагалареи ахараиҵоит.

Имеда Дарсалиа идҵаны иқәиргылон аусура иамхра иазкыз аӡбара мап ацәкреи, аиусурҭа ҭыԥ аҿы иеиҭашьақәыргылареи, акомпенсациа иҭареи. Аӡбарҭа Ауаажәларратә дырарҭара апозициа ақәшаҳаҭхеит – Имеда Дарсалиа инапынҵақәа ишахәҭоз еиԥш наигӡомызт.

Аӡбарҭа агәаанагара ала,  аус аҿы иаарԥшу аматериалқәа шьақәдырӷәӷәоит Имеда Дарсалиа инапынҵақәа ишахәҭоу еиԥш шынаигӡомызт. Ари иазыԥҳьагәаҭаны, Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Ауаажәларратә дырраҭара иаҿагыланы Имеда Дарсалиа иҟаиҵаз азыҳәара ақәшаҳаҭымхеит.