Жәларбжьаратә аудит Ауаажәларратә дырраҭара 2023 шықәсатәи афинанстә аҳасабырбазы иҵоуроу алкаа ҟанаҵеит
Жәларбжьаратә аудит Ауаажәларратә дырраҭара 2023 шықәсатәи афинанстә аҳасабырбазы иҵоуроу алкаа ҟанаҵеит

Жәларбжьаратә аудиттә еилахәыра Moore, Abc Ауаажәларратә дырраҭара 2023 шықәсатәи афинанстә аҳасабырбазы иҵоуроу алкаа ҟанаҵеит.

Апроцесс аҿы игәаҭан афинанстә ҳасабырбақәеи, аҳәынҭқарратә аахәарақәеи ашәахтәқәа рҳасабырбақәеи. Аудиттә еилахәыра арҭ ахырхарҭақәа зегь рзы иҵоуроу алкаа ҟанаҵеит, азакәан аилагара аарԥшымызт.

„Ауаажәларратә дырраҭарат асышықәса жәларбжьаратәи аудит мҩаԥнагоит. Сынтәатәи аудит аҵак ҷыда аман, избан акәзар ҳаиҿкаара ашьаҭатәи усзура ада, ахыбра ҿыц ахь аиасра апроцесс алагиот. Ари имариам усуп. Жәларбжьаратә аудит Ауаажәларратә дырраҭара 2023 шықәсатәи афинанстә аҳасабырбазы иҵоуроу алкаа ала иубарҭоуп ари апроцесс иманшәаланы шымҩаԥааго”, – илҳәеит Ауаажәларратә дырраҭара адиреткор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.