Абҵара 22-23 рзы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭараҿ EBU ажәабжь ҿыцқәа 2023 шықәсатәи рассамблеиа мҩаԥысуеит
Абҵара 22-23 рзы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭараҿ EBU ажәабжь ҿыцқәа 2023 шықәсатәи рассамблеиа мҩаԥысуеит

Абҵара 22-23 рзы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭараҿ Европа адырраҭарақәа реидгыла (EBU) ажәабжь ҿыцқәа 18-тәи рассамблеиа мҩаԥысуеит.

Ауснагӡатә рхы аладырхәоит 56 тәыла рҟынтә адырраҭарақәа рниусрумқәа рнапхгаҩцәа, ауснагӡатә аҽалархәразы еизоит 100-ҩык рҟынӡа асасцәеи Европа адырраҭарақәа реидгыл адиректор хада Ноель Курании.

„Европа адырраҭарақәа реидгыла ажәабжь ҿыцқәа рассамблеиа крызҵазкуа уснагӡатә уснагӡатә ауп. Сынтәа Қырҭтәылеи  ҳтәыла Ауаажәларратә дырраҭареи 18-тәи рассамблеиа аԥшәымара азаадырԥшуеит“, – илҳәеит Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.