Матеуш Моравиецки – Польша азакәан аиҳаӡара апринцип имчны еилагоуп, министрк, аӡбарак ала,  азакәани Аконституциеи атәамбакәа,  азинтә аиҿкаара ирбгоит
Матеуш Моравиецки – Польша азакәан аиҳаӡара апринцип имчны еилагоуп, министрк, аӡбарак ала,  азакәани Аконституциеи атәамбакәа,  азинтә аиҿкаара ирбгоит

Польша Ауаажәларратә дырраҭареи, арадиои, аинформациатә агентра Pap-и рнапхагара рамхра иазкны атәыла Акультура аминистрра иаднакылаз аӡбара апротест ахылҵит.

Амедиахархәагақәа рыдгыларазы,  Ауаажәларратә дырраҭара ахыбрашҟа инеит атәыла ҧасатәи анапхгаратә партиа  „Азакәани аиашареи“ алахәылацәа,  урҭ рыгәҭа дыҟан атәыла ҧасатәи аҧыза-министр Матеуш Моравиецки.

„Польша азакәан аиҳаӡара апринцип имчны еилагоуп, министрк, аӡбарак ала,  азакәани Аконституциеи атәамбакәа,  азинтә аиҿкаара ирбгоит“, – иҳәеит Моравиецки.

Ишдыру ала, апартиа  „Азакәани аиашареи“ анапхгараҿы ианыҟаз, Ауаажәларратә дырраҭара ахарарҵон аиҳабыра рыдгылареи, иара убас, аиҳабыра ирҿагыланы иқәгылоз  аоппозициеи, ЛГБТ гәыҧи, егьырҭ асоциалтә гәыҧқәеи рахь ацәымҕратә бызшәа ахархәареи.

Польша Акультура аминистрра атәыла Ауаажәларратә дырраҭареи, арадиои, аинформациатә агентра Pap-и рнапхгара рамхра иазкны  аанацҳаит.

Иара убас,  24 сааҭ аус зуаз аинформациатә канал  TVP INFO адыркит. Польша аҧыза-министр ҿыц  Дональд Туск ипартиа  „Атәылауаҩратә платформа“ ари аканал ахарарҵоит ҧасатәи анапхгаратә партиа адгыларатә пропаганда амҩаҧгара.