Польша арбџьармчқәа атәыла аҳаиртә қәыҧшылара аилагара иазкны иаарыцҳаит
Польша арбџьармчқәа атәыла аҳаиртә қәыҧшылара аилагара иазкны иаарыцҳаит.
Аҳәамҭа ишану ала, „Урыстәылатәи афедерациа ала Украина аганахьала имҩаҧгаз ажәылара аан Польша аҳаиртә қәыҧшылара адронқәа рыла еилаган“.
Асоциалтә аҳақәа рҿы аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, Польша аҳаиртә қәыҧшылара иалалаз адронқәа Польша атәылауаа рзы „ареалтә шәарҭаран“.
Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, адронқәа Польша аҳаиратә қәыҧшылара ианалала, урҭ карыжьит, уажәы адронқәа иахькаҳаз аҭыҧқәа рыҧшаара иаҿуп.
„Польшеи уи адгылаҩцәеи рбџьармчқәеи рресурсқәеи анеҩстәи аоперациақәа рзы ихиоуп“, – иануп аҳәамҭаҿы.