OSCE/ODIHR - Ауаажәларратә дырраҭара акандидатцәа зегьы рпозициақәа рырбараан ахәшьара бзиа ма анеитралтә тон аарԥшын
Ауаажәларратә дырраҭара акандидатцәа зегьы рпозициақәа рырбараан ахәшьара бзиа ма анеитралтә тон аарԥшын (89%), аха аамҭа аиҳара “Ақырҭуа гәахәтәы” апозициа аарԥшра азалхын. Аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа Ауаажәларратә дырраҭара аефир ахь иҭыҵыз адебатқәа рҽалархәра мап ацәыркит, ари иахҟьаны анапхгаратә партиеи ихадоу аоппозициатә партиақәеи рыбжьара адебатқәа мҩаԥгамызт, – иануп OSCE/ODIHR аихшьаалатә ҳасабырба аҿы.
“Ателехәаԥшрақәа реиҳара аинформациатә дырраҭарақәа рҿы “Ақырҭуа гәахәтәы” ааамҭа аиҳара азалхын. Акоммерциатә телехәԥшрақәа ртон ари ателехәаԥшра зыдгылоз апартиатә гәаанагара аанарԥшуан.
Ауаажәларратә дырраҭара, “Формула”, “Имеди”, “Мҭвари”, “Русҭави 2”, “Тв пирвели” рефир аҿы “Ақырҭуа гәахәтәы” алхратә кампаниа азалхын аефир 61, 56, 82, 52, 80, 51%.
OSCE/ODIHR анаԥшратә миссиа акоммерциатә аихқәа рмониторинг аан ишеилкаахаз ала, еиуеиԥшым аполитикатә мчқәа арҭ акоммерциатә медиахархәагақәа аполитикатә пропагандас рхы иадырхәит, ари аинформациатә дырраҭарақәа рхьыԥшымра иаҿагылоит, ари аиҟәшаратә аполитикатә риторика иарӷәӷәон“, – иануп аҳасабырба аҿы.