Швециа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Қырҭтәыла аиҳабыра адемократиатә институтқәа рахь агәрагара аиҭашьақәыргыларазы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵароуп
«Рыцҳарас иҟалаз, Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟоу аҭыҧантәи алхрақәа ишахәҭоу еиҧш рыцклаҧшра зылшоз OSCE/ODIHR анаҧшратә миссиа иаамҭаны ааҧхьара изеиқәыршәамызт», – иануп Қырҭтәыла иҟоу Швециа ацҳаражәҳәарҭа иаланарҵәаз Швециа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла аиҳабыра адемократиатә институтқәа рахь агәрагара аиҭашьақәыргыларазы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵароуп.
«Қырҭтәыла азакәанҧҵараҿы иҟаҵаз аҵыхәтәантәи аҧсахрақәа алхратә процесс иаҧырхагоуп. Убри аамҭазы, атәылауаҩратә уаажәларреи аоппозициатә мчқәеи рықәыҕәҕәра инагӡоит. Қырҭтәыла аиҳабыра адемократиатә институтқәа рахь агәрагара аиҭашьақәыргыларазы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵароуп, алхрақәа ирыдҳәаланы ОБСЕ иҟанаҵаз абжьагарақәагьы уахь инрылаҵаны», – иануп Швециа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Қырҭәтыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, жьҭаара 4 рзы имҩаҧысраны иҟоу алхрақә рыцклаҧшразы OSCE/ODIHR ахь ааҧхьара дәықәҵан цәыббра 6 рзы.
Цәыббра жәба рзы ОБСЕ иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала, жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рахь амиссиа изнеиуам, аха, ахатә мандат аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахҭысқәа рмониторинг нанагӡоит.