Европа адырраҭарақәа реидгыл адиректор хада Ноель Куран Политковскаиа лымҩаҿ идыргыло Ауаажәларратә дырраҭара ахыбра ҿыц гәеиҭеит [афото]
Европа адырраҭарақәа реидгыл адиректор хада Ноель Куран Политковскаиа лымҩаҿ идыргыло Ауаажәларратә дырраҭара ахыбра ҿыц гәеиҭеит [афото]

Европа адырраҭарақәа реидгыл адиректор хада Ноель Куран Политковскаиа лымҩаҿ идыргыло Ауаажәларратә дырраҭара ахыбра ҿыц гәеиҭеит.

Куран ицын Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвилии Ауаажәларратә дырраҭара ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Васил Маӷлаԥериӡеи.  Европа адырраҭарақәа реидгыл адиректор хада атехнологиақәа рырӡиара аҵакы дахцәажәеит.

Ари ахыбра ҿыц даара исгәаԥхоит. Аныҟәарақәа раан Европа адырраҭарақәа зегьы избахьеит, аха ари зегь реиҳа иугәаԥхаша проектуп. Ари ахыбра иабзоураны аусура еиӷьхоит. Ацифратә технологиақәа рҿы ари ԥхьаҟа иҟаҵоу шьаҿоуп. Даара исгәаԥхеит”, – иҳәеит Европа адырраҭарақәа реидгыл адиректор хада Ноель Куран .

Европа адырраҭарақәа реидгыл адиректор хада Ноель Куран Қырҭтәыла даҭааит Қарҭ, абҵара 22-23 рзы Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭараҿ имҩаԥысуа Европа адырраҭарақәа реидгыла (EBU) ажәабжь ҿыцқәа 18-тәи рассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны.