Америка аҳәынҭқарратә департамент ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку 2024 шықәсатәи аҳасабырба цәырнагеит, уи аҿы Қырҭтәылагьы аӡбахә ҳәоуп
Америка аҳәынҭқарратә департамент ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку 2024 шықәсатәи аҳасабырба цәырнагеит, уи аҿы Қырҭтәылаҿ ауаҩы изинқәа рганахьала иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәоит.
„2024 шықәсазы Қырҭтәыла ауаҩы изинқәа рыхьчара аганахьала иҽеим афактқәа иреиуп атәым анырра аартызаара иазку азакәан амч аиура, зыгәра угаша иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҳәамҭала, ари азакәан агәаанагара аарҧшреи ассоциациеи рхақәиҭра ланарҟәоит“, – иазгәаҭоуп аҳасабырбаҿы.
Иара убас, адокумент аҿы „Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку“ азакәангьы иалацәажәоит, аҳасабырба инақәыршәаны, ари азакәан „агәаанагара аарҧшра формақәак ркриминализациа иазкуп“.
Аҳасабырба ишану ала, „ауаа рыршәареи, адцалареи, административтә ресурсқәа цәгьашақә рхархәареи акампаниа агәаанагара аарҧшра ахақәиҭра ланарҟәоит, ҷыдала, жьҭааразы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа рганахьала“.
Аҳасабырбаҿы импыҵахалоу арегионқәагьы ирылацәажәоит.
„Урыстәыла ала импыҵахалоу Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи уажәгьы ацентртә напхгара рхылаҧшра аҵаҟа иҟам, де- факто анапхгара аурыс мчқәа рҟынтә адгылара ҕәҕәа рымоуп. Игәрагоу ахыҵҵырҭақәа ринформациа инақәырәшаны, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ауаҩы изинқәа реилагара афактқәа рацәоуп, ауаа закәандарала иааныркылоит. Аҩ-регионк рҿы Урыстәылеи де-факто анапхгареи хьырхәрада ауаҩы изинқәа еиларгон“, – иануп аҳасабырбаҿы.
Адокументаҿ ажурналистцәа рганахьала амчылара афактқәагьы ирылацәажәоит.
„Жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа раан амедиа ахақәиҭра аҧкра 30 иреиҳаны афактқәа ҟалеит, урҭ иреиуп атехника аҧхасҭатәареи, ажурналистцәа рацәҳареи рыҧҟареи“, – иануп адокумент аҿы.
Иара убас, Аҳәынҭқарратә департамент аҳасабырбаҿы ишазгәаҭоу ала, „Европа адгыларатә демонстрациақәа раан акциа иалахәыз 450ҩык раҟара адемонстрантцәа административтә аилагарақәа рзакәанеидгыла ашьаҭала иаанкылан.
Аҳасабырба инақәыршәаны, абҵара анҵәамҭеи ҧхынҷкәыни рзы аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахеит.
„Анапхгара ахаҭарнакцәа ма, анапхгаратә партиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ адҵақәа назыгӡо ауааҧсыра, жәаҩыла амедиахаҭарнакцәа ирықәлеит. Дара ажурналистцәа рыпҟон, алаҕырӡ аазго агаз рхы иадырхәон. Ажурналистцәа рацәа ихьанҭаӡоу аахақәа роуит, ахимиатә ашҳам рҧырхагахеит, ажурналистцәа реиҳара ахәышәтәырҭаҿ рҽырыхәшәтәуан“, – иануп адокумент аҿы.