Метиу Миллер – Аҳәынҭқарратә департамент ақырҭуа азинхьчаҩцәеи, ашәарҭадара асистема ахаҭарнакцәеи, амуниципалтә мчреи  авизатә аҧкрақәа рзышьақәыргыларазы  анеҩстәи ашьаҿақәа ҟанаҵоит
Метиу Миллер – Аҳәынҭқарратә департамент ақырҭуа азинхьчаҩцәеи, ашәарҭадара асистема ахаҭарнакцәеи, амуниципалтә мчреи  авизатә аҧкрақәа рзышьақәыргыларазы  анеҩстәи ашьаҿақәа ҟанаҵоит

Аҳәынҭқарратә департамент ақырҭуа азинхьчаҩцәеи, ашәарҭадара асистема ахаҭарнакцәеи, амуниципалтә мчреи  авизатә аҧкрақәа рзышьақәыргыларазы  анеҩстәи ашьаҿақәа ҟанаҵоит. Ари атәы ааицҳаит  Америка Аҳәынҭқарратә департамент апресс-маӡаныҟәгаҩ Метиу  Миллер.

Миллера иҳәамҭала, асанкциақәа рзышьақәдыргылоит аҭынчратә демонстранцәа рганахьала амчыла иалахәыз ауааи, иара убас, шьаҭанкылатәи азинқәа рыҧкра амзызла змаҵзуратә ҭыҧ цәгьашақәа зхы иазырхәоз аҭыҧантәи мчра ахаҭарнакцәеи.

Иара убас, Миллер ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии Адҵа ҷыдақәа рзы адепартамент анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Мирза Кезеваӡеи асанкциақәа рзышьақәдыргылахьеит.