Америка атәылахьчаратә биуџьет апроект инақәыршәаны, Аҳәынҭқарратә департамент аҿы иаҧҵахоит егьырҭ атәылақәа рҿы урыстәылатәи анырра аҿагылара иазку аҟәша
Америка атәылахьчаратә биуџьет апроект инақәыршәаны, Аҳәынҭқарратә департамент аҿы иаҧҵахоит егьырҭ атәылақәа рҿы урыстәылатәи анырра аҿагылара иазку аҟәша

Аҳәынҭқарратә департамент аҿыаҧҵахоит  егьырҭ атәылақәа рҿы урыстәылатәи анырра аҿагылара иазку аҟәша.  Америка атәылахьчаратә биуџьет апроект аҿы ишазгәаҭоу ала, аҟәша ҿыц еиҿкаахоит Аҳәынҭқарратә департамент Европеи Евразиеи русқәа рзы абиуро аҿы.

Америка «Амилаҭтә хыхьчара  авторизациа акт» инақәыршәаны,  Аконгресс аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иднаҵоит егьырҭ  ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа рзы Урыстәыла анырра иаҿагыло аҟәша.

Араҟа Америка аинтересқәа ирҧырхагоу аусранагӡароуп излацәажәо.

Апроект инақәыршәаны,  Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи,  атәылахьчара аминистри,  амилаҭтә ҧшыхәра адиректори еиҧҟьарада Аконгресс адаргалоит Балкантәи атәылақәа рҿы Урыстәылеи Китаии имҩаҧырго,  ҧырхага зцу аоперациақәеи акампаниақәеи ирызку аҳасабырба.

Америка амилаҭтә хыхьчара авторизациа акт рыдыркылараны иҟоуп иааиуа амшқәа рзы.