Ареференттә ахәқәа ззышьақәыргылоу ахәшәқәа иаҳа ирацәахеит
Ареференттә ахәқәа ззышьақәыргылоу ахәшәқәа иаҳа ирацәахеит

Ареференттә ахәқәа ззышьақәыргылоу ахәшәқәа иаҳа ирацәахеит.  Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала, ахә хыхьтәи аҳәаа шьақәыргылоуп  2300 амедикаментқәа рзы.

Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз ала, ашықәс анҵәамҭанӡа  ари амеханизм амч аиуеит даҽа   7 000 ахәшәқәа рзы, уи абзоурала,  афармацевтикатә џьармыкьаҿы зегьы реиҳа  ахархәара змоу  ахәшәқәа зегьы ареференттә ахәқәа рзышьақәыргылахоит.

Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу  ареформа абзоурала, ахәшәқәа рыхәқәа маҷхоит  40%-ла.