Шарль Мишель -  Урыстәылантә ибнало ауааҧсыра Евроеидгыла ашәқәа рзаарттәуп
Шарль Мишель -  Урыстәылантә ибнало ауааҧсыра Евроеидгыла ашәқәа рзаарттәуп

 Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель  Politiko  аинтервиу анеиҭоз ишиҳәаз ала,  Урыстәылантә ибнало ауааҧсыра Евроеидгыла ашәқәа рзаартра дақәшаҳаҭуп.

Мишель игәаанагаралая,  Евроеидгыла Кремль ахархәагас иҟалар зҭахым ауааҧсыра рзы иаартызароуп.

Иара убас, Европатәи Ахеилак ахада ишиҳәаз ала, Евроеидгыла иалоу атәылақәа рлидерцәа ари азҵааразы рацәажәара дазыхиоуп.

Ашәахьазы, Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа, Урыстәылантә ибнало ауааҧсыра ашәқәа рзаартра азҵара иалацәажәоит.