Зураб Чхаиӡе  -  Саакашвили уажәтәи иҭагылазаашьа дзашьцылом, иара ихаҭагьы иҳәеит доурыжьҭыр абжьагарақәа зегьы шынаигӡо  
Зураб Чхаиӡе  -  Саакашвили уажәтәи иҭагылазаашьа дзашьцылом, иара ихаҭагьы иҳәеит доурыжьҭыр абжьагарақәа зегьы шынаигӡо  

 

«Саакашвили уажәтәи иҭагылазаашьа дзашьцылом, иара ихаҭагьы иҳәеит доурыжьҭыр абжьагарақәа зегьы шынаигӡо», — иҳәеит аклиника  «Вивамед»  аклиникатә директор Зураб Чхаиӡе иахьатәи абрифинг аҿы.

Зураб Чхаиӡе ишазгәеиҭаз ала,  Михаил Саакашвили аклиникашҟа даннарга раҧхьатәи амшҵәҟьа инаркны апациент ихәышәтәразы иаҭаху зегьы ҟарҵоит.

«Апациент ихәышәтәразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит, ҳаамҭазтәи аметодқәеи европатәи америкатәи гаидлаинқәеи ирышьашәаланы дырхәшәтәуеит, иаҭаху аҭҵаарақәа зегьы изымҩаҧгоуп.  Ишыжәдыруа ала, ахәышәтәра  апроцесс 2 компонентк рыла ишьақәшгылоуп, актәи  — апациент, аҩбатәи  — амедперсонал. Агәра шәсыргар сҭахуп ҳҳәақьымцәа иаҭаху зегьы шыҟарҵо, аха, амедперсонали апациенти рхықәкқәа еиҧшызароуп.

Апациент игәабзиара аиҕьтәразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит, аха, алҵшәа зыҟами ҳәа азҵаарақәа ҳаҳуеит. Апациент иара ихаҭа аклиникашҟа дшааиз жәдыруеит, уажәы аиҭаҵра ицәыуадаҩуп. Ҳара игәабзиара аиҕьтәра ҳазҿлымҳауп, аха, иара ихаҭагьы уи иҭахызароуп.  Аҳақьым-ендокринолог есымша  амениу еиқәиршәоит, ахәышәтәраан хымҧада ифатәу зегьы абҕьыц ианҵаны иуацәа ириҭоит. Аха,  апациенти иуацәеи арҭ абжьагарақәа нарыгӡом.  Саакашвили уажәтәи иҭагылазаашьа дзашьцылом, иара ихаҭагьы иҳәеи доурыжьҭыр абжьагарақәа зегьы шынаигӡо», —  Зураб Чхаиӡе.