Зураб Чхаиӡе – Гьаргь Бачиашвили  „Вивамед“ ашҟа днаргеит ҧхынгәы 11 рзы, иара еиуеиҧшым аахақәа иман
Зураб Чхаиӡе – Гьаргь Бачиашвили  „Вивамед“ ашҟа днаргеит ҧхынгәы 11 рзы, иара еиуеиҧшым аахақәа иман

Аклиника „Вивамед“ адиректор Зураб Чхаиӡе иҳәамҭала, абаандаҩтәраҿы иҟоу   „Аицфинансыркра афонд“ ҧастәи анапхгаҩы Гьаргь Бачиашвили аклиникашҟа днаргеит ҧхынгәы 11 рзы.

Чхаиӡе ишиҳәаз ала, Бачиашвили еиуеиҧшым аахақәа иман, иара иахәҭаз амедицинатә цхыраара ирҭан, аҳақьымцәа рыбжьгарала, апенитенциартә усбарҭашҟа ддырхынҳәит.

„Апациент иаҭаху агәаҭарақәа зегьы изымҩаҧган, иҭагылазаашьа цәгьазҭгьы аклиникаҿ даанҳажьуан. Хар имамкәа дыҟан, убри азоуп аҳақьымцәа апенитенциартә усбарҭашҟа ирхынҳәра зырыӡбаз“,- иҳәеит Зураб Чхаиӡе.