Гьаргь Бачиашвили  2 500 000 лари  ашас ашәара иқәырҵеит  
Гьаргь Бачиашвили  2 500 000 лари  ашас ашәара иқәырҵеит  

Акриптовалиутала аҧара рацәа закәандарала атәтәра афакт азы ахара зду Аицфинансыркра афонд ҧасатәи анапхгаҩы Гьаргь Бачиашвили 2 500 000 лари  ашас ашәара иқәырҵеит. Ашас ашәаразы 30 мшы аҿҳәара ирҭеит.

Апрокуратура  3 миллион лари  ашас  иршәара  иаҳәон. Гьаргь Бачиашвили идырҵаз ахара дақәшаҳаҭым.

Аицфинансыркра афонд ҧасатәи анапхгаҩы Гьаргь Бачиашвили изы ашьауҕатә ус хьцыркуп акриптовалиутала аҧара рацәа закәандарала атәтәра афакт азы.