Жәлар рыхьчаҩ иаппаратаҿ  еиҿкаау амедицинатә консилиум алахәылацәа Михаил Саакашвили дырбеит
Жәлар рыхьчаҩ иаппаратаҿ  еиҿкаау амедицинатә консилиум алахәылацәа Михаил Саакашвили дырбеит

Жәлар рыхьчаҩ иаппаратаҿ  еиҿкаау амедицинатә консилиум алахәылацәа аклиника «Вивамед» аҿы Михаил Саакашвили дырбеит. Ахәышәтәырҭа аклиникатә директор Зураб Чхаиӡе ишиҳәаз ала,  Саакашвили ихәышәтәра асхема иадҳәланы аколлегацәа  ргәаанагарақәа еиқәшәеит.

Иара иажәақәа рыла, Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа ишыҟаз еиҧш иҟоуп.

«Ари аганахьала акрызҵазкәа аиҭакрақәа иҟам.   Аневрологиатәи егьырҭ афизиологиатәи арбагақәа рҽырымҧсахит. Зны-зынла имцашоура шьҭыҵуеит. Иҭаацәара алахәылацәа апациент икапан иалацәажәоит, аха, аҭагылазаашьа ҽакалоуп ишыҟоу, ари азҵаара алацәажәара иахәҭам», — иҳәеит  Зураб Чхаиӡе.