Зеландиа Ҿыц аҟынтә Украина арбџьамчқәа рҿы артиллеристцәа разыҟаҵаразы Британиа ашҟа 30-ҩык аинструкторцәа дәықәлоит
Зеландиа Ҿыц аҟынтә Украина арбџьамчқәа рҿы артиллеристцәа разыҟаҵаразы Британиа ашҟа 30-ҩык аинструкторцәа дәықәлоит

Зеландиа Ҿыц аҟынтә Украина арбџьамчқәа рҿы артиллеристцәа разыҟаҵаразы Британиа ашҟа 30-ҩык аинструкторцәа дәықәлоит, – ари атәы аалыцҳаит Зеландиа Ҿыц аԥыза-министр Џьасинда Ардерн.

Зеландиа Ҿыц аиҳабыра рнапхгаҩы лажәақәа рыла, арратә инструкторцәа Британиа иаҭаауеит ԥхынгәы анҵәамҭазы. Зеландиа Ҿыцтәи аруаа украинатәи артиллеристцәа “Ел 119” атип змоу агаубицақәа рхархәара ирдырҵоит. Иҳаҩсыз амзазы Зеландиа Ҿыц Британиа ашҟа 66-ҩык арратә маҵзуҩцәеи аҳаирплан “Си 130 Геркулес” дәықәнаҵеит.