Хаҭиа Деканоиӡе  - Ҳәарада, ҳара атәылауаҩратә клиника аҧхьа акциақәа мҩаҧаагараны ҳаҟам, уи азы аҭакҧхықәра ҳхы иадаҳҵеит
Хаҭиа Деканоиӡе  - Ҳәарада, ҳара атәылауаҩратә клиника аҧхьа акциақәа мҩаҧаагараны ҳаҟам, уи азы аҭакҧхықәра ҳхы иадаҳҵеит

«Ҳәарада, ҳара атәылауаҩратә клиника аҧхьа акциақәа мҩаҧаагараны ҳаҟам, уи азы аҭакҧхықәра ҳхы иадаҳҵеит», — илҳәеит  «Иаку амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Хаҭиа Деканоиӡе.

Лара лажәақәа рыла, Гори иҟоу арратә госпиталь аҿы аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәазароуп,  абри ауп уажәазы ихадоу.

«Гори иҟоу арратә госпиталь аҿы аҳақьымцәа излацәажәоз аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәазароуп,  иара иҧсҭазаара еиқәырхатәуп, абри ауп уажәазы ихадоу. Ҳәарада, ҳара атәылауаҩратә клиника аҧхьа акциақәа мҩаҧаагараны ҳаҟам, уи азы аҭакҧхықәра ҳхы иадаҳҵеит », — илҳәеит Хаҭиа Деканоиӡе.

Иахьа аиустициа аминистр Рати Брегаӡе абрифинг аҿы ааицҳаит Михаил Саакашвили Гори иҟоу арратә госпиталь ашҟа ииагара шидаргало.