Хаҭиа Деканоиӡе – Афракциа алахәылацәа иаҭаху зегьы ҟарҵоит аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкааразы
Хаҭиа Деканоиӡе – Афракциа алахәылацәа иаҭаху зегьы ҟарҵоит аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкааразы

Афракциа «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Хаҭиа Деканоиӡе ишылҳәаз ала, афракциа алахәылацәа иаҭаху зегьы ҟарҵоит аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкааразы, уи адагьы, азакәанҧҵаратә орган аусура рхы аладырхәоит Буба Кикабиӡеи Леван Варшаломиӡеи.

Деканоиӡе ишылҳәаз ала, аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа хықәкыс иамазаауеит Михаил Саакашвили гәымбылџьбарала иаҳаҭыр аларҟәра афактқәа зегьы раарҧшра.

«Акомиссиа аусура алҵшәа хадеи ахықәки  акәзароуп абарҭ афактқәа рыргаматәреи аҳәынҭқарреи аиҳабыреи рыхьаӡала арҭ афактқәа ирылахәыз ауааҧсыра ахьырхәра рыҭареи. «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа акомиссиа аиҿкаара шырҭахым еилыскаауеит, аха, уи аполитикатә документхоит, уи аҿы иарбазаауеит Михаил Саакашвили иҿагыланы аҳәынҭқарра ала иҟаҵаз ацәгьауратә фактқәа зегьы», — илҳәеит адепутат.