Нанҳәа 4 рзы Қырҭтәыла апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аихшьаалатә аилатәара мҩаҧгахоит
Нанҳәа 4, асааҭ 11:00 рзы, Қырҭтәыла апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аихшьаалатә аилатәара мҩаҧгахоит.
Акомиссиа иаланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аилатәараҿы
2003-2012 шықәсқәа рзы иҟаз арежими, ари арежим аполитикатә амаҵзураҭыҧқәа аанызкылоз ахаҿқәеи, аполитикатә партиақәа ирылоу ҧасатәи уажәтәи амаҵзурауааи 2003 шықәса инаркны иахьанӡа роуранагӡара ҭызҵаауа Қырҭтәыла апарламент аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аихшьаала апроект иахәаҧшны, ишьақәдырҕәҕәоит.
„Аилатәара ишиашо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара Апарламенттә канали, ателееилахәыра „Маестро“ аефири, иара убас, Қырҭтәыла апарлаамент авебдаҟьеи асоциалтә платформақәеи рҿы“, – иануп аинформациаҿы.