Қырҭтәыла апарламент, ахҧатәи аҧхьарала иаднакылеит  "Аизарақәеи адемонстрациақәеи ирызку" азакәанахь аҧсахрақәа
Қырҭтәыла апарламент, ахҧатәи аҧхьарала иаднакылеит  "Аизарақәеи адемонстрациақәеи ирызку" азакәанахь аҧсахрақәа

Қырҭтәыла апарламент, ахҧатәи аҧхьарала иаднакылеит  “Аизарақәеи адемонстрациақәеи ирызку” азакәанахь аҧсахрақәа.

Апленартә аилатәараҿы азҵаара цәыригеит аҧсахрақәа ринициаторцәа иреиу, азинтә зҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Арчил Гордулаӡе.

Аҧсахрақәа рыла, амашьынамҩа аркра ақәиҭымтәра инаваргыланы, ашьапыламҩагьы аркра ҟалом, уи азыҳәан аизара ма аманифестациа алахәылацәа рхыҧхьаӡара маҷзар.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Апатрультә департамент аизара ма аманифестациа амҩаҧгара иазкны адырра аҭатәуп аизара ма аманифестациа цыҧхьаӡа амҩаҧгаранӡа хәымш еиҵамкәа ишагу.

Аизара ма аманифестациа алахәылацәа амашьынамҩа ма ашьапыламҩа хәҭала ма инагӡаны иадыркыр, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра атранспорт ма ауаа реиҭаҵра аиҭашьақәыргылара иазкны аӡбара адкылара алшоит, аизара ма аманифестациа алахәылацәа рхыҧхьаӡара инақәыршәаны уи ҽакала амҩаҧгара ҟалозар.

Аизара ма аманифестациа алахәылацәа амашьынамҩа ма ашьапыламҩа хәҭала ма инагӡаны иадыркыр,  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа аизара ма аманифестациа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи агәҽанҵара рыҭара рылшоит дара иадыркыз амҩа 15 минуҭ ирылагӡаны иаадмыртыр, аизара ма аманифестациа изакәаным ҳәа ишыҧхьаӡахо азы, иара убас, азинхьчаҩцәа жәларбжьаратәи зини азакәани рыла иазҧхьагәаҭоу аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара рылшоит