Рашәара 27 рзы Қырҭтәыла апарламентаҿ ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь амч амазаауеит
Рашәара 27 рзы Қырҭтәыла апарламентаҿ ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь амч амазаауеит

Рашәара 27 рзы, апарламент апленартә аилатәараҿы, Қырҭтәыла аҧыза-министр аиҳабыратә программа анагӡара  иазкны ажәахә ҟаиҵоит.

Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура адыррақәа рыла, ари ахҭыс инамаданы, рашәара 27  рзы, апарламент аханаҿ ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь амч амазаауеит  – аҭааҩцәа апарламент ахыбра изыҩналом.

„Зыӡбахәы ҳәоу апарламенттә усмҩаҧгатәахь инарышьҭуеит иашьашәалоу аилазааратә акқәа рҟынтә ааҧхьара зауз  ауааҧсыра мацара.

Ахыбра аҩналара азин роуеит акредитациа змоу ателееилахәыра цыҧхьаӡа аҟынтә 3 гәыҧк иреиҳамкәа.

Абарҭ аҧкрақәа шьақәыргылоуп Қырҭтәыла апарламент аханаҿ ишәарҭам аусуратә лагылазаара аиқәыршәаразы“,- иануп апарламент иаланарҵәаз аинформациаҿы.