Узбекистантәи ареспубликаҿы Иракли Кобахиӡе иофициалтә визит иалагеит
Узбекистантәи ареспубликаҿы Иракли Кобахиӡе иофициалтә визит иалагеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Узбекистантәи ареспубликаҿы иофициалтә визит иалагеит. Ислам Каримов ихьӡ зху Ташкенттәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Узбекистан аҧыза-министр Абдулла Каримови, авице-аԥыза Џьамшид Хоџьавеи, Ташкент ахада Шавкат Умурзакови иԥылеит.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министр Узбекистантәи ареспублика ахада Шавкат Мирзиоеви, аҧыза-министр Абдула Арипови, иара убас, азакәанҧҵаратә орган азакәанҧҵаратә палата аспикери Сенат ахантәаҩи дырҧылоит.
Ташкент, ҩ-тәылак реиҳабырақәа рылахәылацәа рҽалархәрала имҩаҧысуеит Қырҭтәылеи Узбекистани рекономикатә усеицура аиҳабырабжьаратә комиссиа 10-тәи аилатәара.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Узбекистантәи ареспубликаҿы аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвилии аспорт азы аминистр Шьалуа Гоголаӡеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.