Урсула фон дер Лаиен лажәақәа рыла, Украина афымцалашаратә станциақәеи атәылауаҩратә обиектқәеи Урыстәыла имҩаԥнаго ажәыларақәа атерористтә актуп - арратә ацәгьауроуп
Урсула фон дер Лаиен лажәақәа рыла, Украина афымцалашаратә станциақәеи атәылауаҩратә обиектқәеи Урыстәыла имҩаԥнаго ажәыларақәа атерористтә актуп - арратә ацәгьауроуп

Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен лажәақәа рыла, Украина афымцалашаратә станциақәеи атәылауаҩратә обиектқәеи Урыстәыла имҩаԥнаго ажәыларақәа атерористтә актуп – арратә ацәгьауроуп.

“Иацы даҽазнык иаабеит атәылауаҩратә инфраструктура аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго акәаԥтәи ахысрақәа, уи хықәкы заҵәык аморуп – аӡын азы ауааԥсыра, ахацәа, аҳәса, ахәыҷқәа аӡи афымцалашареи, аԥхарреи рыда иаанхарц. Ари атероруп,” – илҳәеит Еврокомиссиа ахада.

Украина ахада Владимир Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭала, жьҭаара 10 рышьҭахь Урыстәыла ажәыларақәа ирыхҟьаны Украина афымцалашаратә станциақәа р-30% иқәхуп, атәыла амасштабла афымцалашара ырцәоуп.