Урсула фон дер Лаиен Киев даҭааит
Урсула фон дер Лаиен Киев даҭааит

Еврокомиссиа ахала Урсула фон дер Лаиен Европа амш азгәаҭаразы Киев даҭааит.

Еврокомиссиа ахада ари “Твиттер” лхатә даҟьаҿ аалыцҳаит.

„Ҳхәынаӡарақәа есымша ахьырыхьчо аҭыԥ ашҟа, Киев ахынҳәра сгәы иаахәоит. УБри аҟынтә Европа амш азгәаҭаразы зеиԥшыҟам ҭыԥуп. Украинаҿ лаҵара 9 Европа амшс рыларҳәара иазкә ахада Зеленски иӡбара садгылоит,“ – илҩит Усрула фон дер Лаиен.

Украина ахада Володимир Зеленски инапы аҵаиҩыз адҵа инақәыршәаны, лаҵара 9 Украина Европа амш рыларҳәеит.