Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, дара Европа Ахеилак аилатәарақәа рхы рыладырхәом  
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, дара Европа Ахеилак аилатәарақәа рхы рыладырхәом  

Урыстәыла  Европа Ахеилак аилатәарақәа ирылахәхәом. Ари атәы иануп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминситрра аҳәамҭаҿы.

«Урыстәыла цәгьашақә иазыҟоу Евроеидгылеи НАТОи аҳәынҭқаррақәа, Европа Ахеилак акомитет аҿы ирымоу аиҳара цәгьашақә рхы иархәаны,  Европа Ахеилак ацәаҳәеи европа азеиҧш гуманитартә-зинтә қәыҧшылареи абгара нарыгӡоит», — иануп аҳәамҭаҿы.

Украина ажәылара амшала,  ҩымчыбжь раҧхьа Европа Ахеилак акомитети Апарламенттә ассамблеиеи  рҿы Урыстәыла ахаҭарнакра аанкылан.