Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Мрагылара Ааигәа аимак аескалациа ашәарҭара иазҳаит, Америкеи Израили рконфронтациатә ауранагӡара коллективла иақәыӡбатәуп
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Америка ала Иран атомтә обиектқәа раахара иақәыӡбоит. Аминистрра аҳәамҭа ишану ала, ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аракетақәа рыла аахара – жәларбжьаратәи зини, ЕАР Аҧҟанҵеи, ЕАР Ашәарҭадара Ахеилак арезолиуциақәеи реилагароуп.
Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, Иран атомтә обиектқәа раахара Аиадертә бџьар аламырҵәара иазку аиқәшаҳаҭра иаҧырхагоуп. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Атомтә енергиазы жәларбжьаратәи агентра аҟынтә аоперативтә, профессионалтә ақәҿыҭра иаша иазыҧшуп.
«Мрагылара Ааигәа аимак аескалациа ашәарҭара азҳаит, Америкеи Израили рконфронтациатә ауранагӡара коллективла иақәыӡбатәуп. Ҳара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит агрессиа иаҟәыҵны, аполитика-дипломатиатә механизмқәа рхархәаразы аҭагылазаашьақәа раҧҵара рҽазыркырц», — иануп аҳәамҭаҿы.