Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аполитикатә диалог аиҭалагаразы азҧхьаҭагылазаашьақәа иҟам
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аполитикатә диалог аиҭалагаразы азҧхьаҭагылазаашьақәа иҟам

Урыстәыла, Қырҭтәыла аҳәарақәа рыла Қырҭтәылаҟны аполитикатә диалог аиҭалагара иазыхиам, – ирҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Аминистрра адыррақәа рыла, Урыстәыла ала  „Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара иазку аӡбара хынҳәышьа амам“.

„Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аполитикатә диалог аиҭалагаразы азҧхьаҭагылазаашьақәа иҟам, избанзар, Қарҭ, уажәгьы Саакашвили ипозициа иақәныҟәоит – адипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргыларазы Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара иазку аӡбара мап ацәаҳкыр рҭахуп. Ари аҳәара Қырҭтәыла ахаҭагьы азарал азаанагоит. Москва еилыкка ирҳәеит зыӡбахәы ҳәоу ареспубликақәа рхьыҧшымра азхаҵара иазку аӡбара хынҳәышьа шамам. Аха, уезгьы, Урыстәыла наҟ-наҟ Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара иазыхиоуп, Қырҭтәыла иахьынӡаҭаххо аҩаӡара аҟынӡа. Уажәы Қырҭтәылоуп аӡбара здызкылаша, Қырҭтәыла егьырҭ зегьы раасҭа уи иазҿлымҳазароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит“, – ирҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.