Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Урыстәыла  1991 шықәсатәи аҳәаақәа рахь Украина ахынҳәра ахаангьы иақәшаҳаҭхом
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Урыстәыла  1991 шықәсатәи аҳәаақәа рахь Украина ахынҳәра ахаангьы иақәшаҳаҭхом

«Киеви уи Мраҭашәаратә адгылаҩцәеи  1991 шықәсатәи аҳәаақәа ирылагӡаны Украина аиҭашьақәыргылара ианалацәажәо «ауаҩжьыфаратә инстинкт» ауп напхгагас ирымоу», — иануп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы..

Аҳәамҭа ишану ала, Урыстәыла ахаангьы абри аҩыза асценари иақәшаҳаҭхом.

«Лабҿаба иубарҭоуп Киевтәи арежими уи Мраҭашәаратә адгылаҩцәеи 1991 шықәсатәи аҳәаақәа ирҭагӡаны Украина аиҭашьақәыргылара ианалацәажәо аурыс зегьы анырҵәара иазку «ауаҩжьыфаратә инстинкт»  напхгагас ишрымоу. Ҳәарада, Урыстәыла ахаангьы абри аҩыза асценари иақәшаҳаҭхом», — иануп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.