„Украинскаиа правда“ – Алеқсеи Резников Украина атәылахьчара аминистр иҭыҧаҿ инапынҵақәа шьҭеиҵоит,  ари аҭыҧ ааникылар ҟалап  Кирил Буданов
„Украинскаиа правда“ – Алеқсеи Резников Украина атәылахьчара аминистр иҭыҧаҿ инапынҵақәа шьҭеиҵоит,  ари аҭыҧ ааникылар ҟалап  Кирил Буданов

Украина атәылахьчара аминистр Алеқсеи Резников иааиуа амчыбжь азы инапынҵақәа шьҭеиҵоит. Ари аҭыҧ ааникылар ҟалап  Украина атәылахьчаратә маҵзура аҧшыхәратә усбарҭа хада уажәтәи анапхгаҩы Кирил Буданов.

Ари аинформациа аланарҵәеит аҭыжьымҭа  „Украинскаиа правда“.

Амедиахархәага адыррала,  уажәы атәыла ахада игәыҧ Резников дахьиаргаша иазхәыцуеит, избанзар,  „ахада иадминистрациаҿы зегьы агәра ганы иҟоуп иара апанхгаратә гәыҧ аҿы аҟазаара  шихәҭоу“.  Резников аиустициа аминистрс дҟарҵар ҟалап, аиустициа уажәтәи аминистр европатәи тәылак аҿы ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵоит.